Site icon Abhaz Online

Бераҭ Аӡынҧҳа-Берат Адзынба

Бераҭ  Иашьар-иҧҳа  Аӡынҧҳа

Апрофессор

Бераҭ  Иашьар-иҧҳа  Аӡынҧҳа диит ҧхынҷкәын 8,1965 ш. Сҭампыл ақалақь. Бераҭ лаб  Иашьар  Ҳасан-иҧа избахә  . Аҧсни , . Ҭырқәтәылеи измаҳахьадаз. 1969-1973 ш .рзы  Иашьар  Аӡынба  Ҭырқәтәыла  Аҳәынҭқарра  Апарламент адепутатс дыҟан. Иара дыруаӡәкын, раҧхьазакәны  Кавказ  Ахеидкылақәа рышьақәыргылареи , ауаажәлар реизааигәатәреи аус иазааҧсаз

Бераҭ хышықәса анылхыҵуаз инаркны , лаби лан аубых ҭыҧҳа Ҭулаи Шәмыҭҧҳаи дрыманы ицон аҧсуаа ахьеизоз. Рыҧҳазаҵә илыларааӡон лџьынџьдгьыли лыуаажәлари рахь абзиабара. Бераҭ лаб еиуеиҧшым амаҵура дуқәа ныҟәигон аҟнытә, аамҭала  Анкара инхон, аҭыҧҳа уаҟа абжьаратә школ далганы дҭалоит  Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак , араҧ бызшәеи алитературеи рфакәльтет. Уи ашьҭахь , ҩаҧхьа  Стамҧыл  Мармаратәи ауниверситет аҿы аекономисти аиуристи занааҭқәа лоуит. Иахьа , Бераҭ ари ауниверситет аҟны дыпрофессоруп, дрыҧхьоит алекциақәа. Бераҭ дравторуп аекономиказы ацхыраагӡатә шәҟәқәа ҩба. Лнапы алакуп даҽакгьы аҩра. Бераҭ лоушьҭымҭацәа рхыҧхьаӡараҿы имаҷҩым аҧсуаагьы. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ацара ишаҿыз,1993ш.активла ажәлар раӡәкра иашьҭаз  Ҳақы   Ажьиба ицны иааит уахи-ҽни зыҧсадгьыл хәыцырҭас измаз . Бераҭ лҭаацәеи лареи. Аха рыцҳарас иҟалаз ,Аҟәа аӷа инапаҵаҟа иҟан аҟнытә , Гагреи  Гәдоуҭеи заҵәык роуп иахьаҭааз.” Саныхәаҷыз аахижьҭеи, знык  Аҧсныҟа сцандаз ҳәа схәыцуан, аха схахьгьы исзаагомызт сыҧсадгьыл арыцҳара ишҭагылоу збоит ҳәа. Усҟан сгәы абжа ҧсит , аамҭак ашьҭахь ҳашҵәыуоз . Ҭырқәтәылаҟа ҳхынҳәит.”-еиҭалҳәоит лара. Бераҭ лгәы иҭоуп ҩаҧхьа лҭоурыхтә дгьыл аҭаара. ” Анцәа сиҳәоит алшара сиҭарц , ишысҭахыу еиҧш  Аҧсны ахыи-аҵыхәи аимдара ,сашьцәа рыҧшаара . Саб игәы абжа ахьыҟаз, саргьы доуҳатә мчык уахь исыхоит. Зегь акоуп ашьа кшоит,уи узжьом”-ҳәа нацылҵеит ҳџьынџьуаҩ.

Бераҭ  Аӡынҧҳа иазгәалҭеит дшазыхиоу илымоу адыррақәа рыла .  Аҧснытәи  Аҳәынҭқарратә университет ацхраара.

Ахыҵхырҭа:  Саида  Ажьиҧҳа

Exit mobile version