Site icon Abhaz Online

Аҵанқәа ирызкны аҳәамҭа.

Аҵанқәа ирызкны аҳәамҭа.

Ажәытәжәабжь излаҳәо ала , анкьа Аԥсны инхон уажәы иӡыз ажәлар – аҵануаа . Инхон дара ашьхараҿ . Изларҳәо ала убысҟаҟ икьаҿын , аҭырас ихалан амахәқәа хырҵәон. Усҟан ашьхараҽ ақәеи аси ыҟамызт. Аԥшаҵәҟьагьы асуамызт. Есымша амшқәа бзиан. Аҵуануаа бзиан инхон. Хьаа рымамкәа, аӡәгьы иажәа иазымхәыцкәа . Аҵанқәа анцәагьы дрымамызт. Ҳара ҳацкьыс  аԥсҭазаара иаԥшәымада. Рхыла ала аӡәгьы дырбомызт. Ҽнак зны аҵанқәа , ацангәара аҩныҵҟа ишыҟаз аӡәгьы имбаӡакәа ахьы иалхны  акаҵҟәыр ылбааит хыхьынтә. Акаҵкәыр аҩныҵҟа ахьы иалхыз агара, уи аҩныҵҟа аԥшқа дгаран. Аԥшқа данырба аҵанқәа даара еигәырӷьеит. Драаӡеит аҵанқәа аԥшқа дганы . Уи мышзҳа дазҳауан , уамашәа иубаратәы. Ҽнак зны ахәҷы даназҳа дзааӡаз дразҵааит : шәара аҵанқәа акгьы шәацәшәаӡом, аха иҟоума шәара шәзыцәшәо ишәиааиуа мчык ҳәа?

Аҵанқәа иреиҳаз 300 ш.зхыҵуаз ҿааиҭит. Абамба иалхны асы леиыр , убри амца акыр убысҟан ҳаргьы ҳабоыр ҟалап иҳәеит. Уаҳа мчы ыҟаӡам убри ада ҳара иаҳиааиуа.

Ус дахьцаз рзымдыркуан дыӡит арԥыс. Иахьымԥгапз ыҟаӡам, аха џьаргьы дрымбеит. Аамҭа рацәамкәан иҵит , ,Ус зны аҵанқәа реиҳабы ибеит аџьма аԥаҵақәа шҵысуаз.

Ҳаи ҳара ҳтәы акгьы ыҟам : ҳара ахәԥҳа иакуӡам иаҳааӡаз .Ҳара иаҳааӡаз ҳақәызхуа иоуп иҳәан инаԥқәа аџьма ахь ирхеит.

Иҟалеи рҳәеит даргьы.

Аҭаҳмада ҿааиҭит: ишыжәдыруа еиԥш , ҳара ҳҿы ахаангьы аԥша масӡацызт , уажәы ишыжәбо еиԥш аԥша аацәырҵын аџьма аԥаҵақәа арҵысуеит. Ҳара иаҳзыԥшуп аиаӡаара , ҳҵыхәтәа ааит иҳәеит  аҭаҳмада. Аԥша еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон , ус асгьы алагеит. Амцагь акит , зегь ықәцышәшәа ицеит. Убас инҵәеит аҵануаа , Аха ашьхараҿ уажәыгь игхеит рынхарҭа ҭыԥқәа – аҵангәара .

Иара убас ашьхараҿ игоуп аҭыԥ- аҿагылара . Уи захьӡугьи убри азоуп. Ҽнак зны аҵанқәа иреиуаз аӡәы,  иласыз , игәымшәаз , абнацә дашьҭалан, абнацә ааԥсан иаангылеит . Иаргьы аҵыхәа дамҵасны икит

Exit mobile version