Ахәшәтәҩы Лыкәман.
Ауаҩы адунеи данықәла инаркны , амлеи ахьҭеи дакны дмыԥсырц азын , иара убас ачымазарақәеи рҟынтә ахәшәқәа дрышьҭалеит. Ауаа рацәахацыԥхьаӡа ачымазарақәагьы рацәахон. Убри аамҭазы даацәырҵит ахәшәтәҩы Лыкәман. Уи дазхәыцит ауаа рхьаақәа ахҽразы ахәшәқәа рыԥшаара . Лыкәман аҵиаақәеи аҳаскьын адацқәеи дрышьҭан. Амхқәеи , аҩхаақәеи , аӡиас аҟәарақәеи , ашьхақәеи рҿы . Ахәрақәа рзын иԥшааит -ахәырбӷьыц. Ажәзҩа( адоу) ачымазара азын- ашьхардац азиԥшааит. Ашыӡ ачымазара азын- аџьаҟәа.Уи еиуеиԥшым ашәҭқәеи , адацқәеи рыла ачымазарақәа ихәшәтәуан. Амала акызаҵәык издыруамызт , ахаԥыц ахьаа злахыиҽраз. Ҽнак зны амаҭ изнеит. Ахыхь бааԥсқәа сымоуп , сыхәшәтәы ҳәа иҳәара иалагеит. Лыкәман дақәшаҳаҭхеит ахәшәтәра. Иара убас амаҭгьы дазҵааит ахаԥыц ахьаа ахәшә адыруазар ҳәа. Ахәшә ахаԥыц ахьаа амыртәозар уи ыҵхтәуп аҳәеит амаҭ , избанзар уи еицәоу ахьаа ыҟаӡам . Аиеи еилыскаауеит , аха ишыҵырхуеи , излаҵырхуеи сыздырӡом иҳәеит Лыкәман.
Амаҭ: абри схы еиԥшны иаатуа иакуа амаругала иҵаухлар ҟалоит аҳәеит.
Уи даара ибзиоу акы сауҳәеит , уи азын саргьы ахыхәшә бзиа уасҳәоит. Ухы шааухьлакь уеикәаҵәиҩны амҩаду уаниалан ухы адгьыл иқәҵан улақәа аркы. Убыс умҵысӡакәа акгьы хьаас имкыкәа ушьҭазар ауп. Сааҭк ашьҭахь ахыхь ииасуеит. Иҭабуп сҩыза аҳәан амаҭ акәыцра инылашьшьы ицеит. Егьырҭ амаҭқәагьы иаҳаз наранаҳәарц. Уи азоуп уажәыгьы амаҭқәа еикәаҵәиҩны амҩа изантәалоу. Ауаагьы ашьыҳәҳәа ирзааигәазаны изықәырхуа.
Ҽнак зны Лыкәман ақәаршыҩ ашьҭахь аӡиас дыиасыр иҭахын аха аӡиас хыҵны иҟан. Ацҳа хәыҷы иқәыз ықәҵәраауан избанзар акылшәарақәа рҟынтәи аӡы неиуан. Лыкәман дықәҵәраан аӡиас далаҳаит. Цәгьаԥсышьала аӡы далҵит. Ахәшәқәа абжаиҳарак аӡы иагеит . Егьырҭ еизигеит. Иара убарҭ рыла иахьагьы ауаа ихәшәтәуеит.
Аиҭагаҩ: Хәырхәмал М.А.
Х.С . Бгажба Предания и мифы
Перевела с русского М. А. Хурхумал
