Site icon Abhaz Online

Альпер Бганба-Альпер Бганба

Альпер Бганба

Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран  Леон иорден занашьоу.

Аҧсны  Аџьынтәылатә еибашьра аветеран,  Леон иорден занашьоу

Альпер  Џьенгьиз  Џьегьиз -иҧа Бганба диит рашәара 4, 1968 ш. Адаҧазар ақалақь азааигәара . Иаби иан Адиле Ҭраҧшьҳаи ирхылҵит хҩык аҧацәеи аҧҳаи. Абжьаратә школ ашьҭахь , Альпер дҭалоит Сҭампылтәи ауниверситетқәа руак,  аелектроника -анџьныртә факультет. Аҧшьбатәи акурс аҿы дыштәаз ,  Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеит ҳәа аниаҳа , шьала -дала иаҧсыуаз арҧыс иашьцәа дрыцхраарц даауеит. Альпер иаҧхьаҟа  Ҭырқәтәылантәи иааз аибашьцәа алахәхеит  Шамиль  Басаев икоманда , иара далалеит  Ныгәзар  Долбаиа дызхагылаз . Пицундатәи агәыҧ Хәажәкыра ажәылараан   Альпер ахәра ӷәӷәа иоуит, ҩымз  Гагратәи агоспиталь аҟны дышьҭан, ишьапы данықәгыла , дахәҭакхеит ҳџьынџьуаа ргәыҧ. Сара сыуаажәлар рзы схы сеигӡомызт, аамҭала ҳабдуцәа рыҧсадгьыл иахцан, аха даҽазны аӷа уи аҩыза алшара иаҳҭар ҟаломызт-“иҳәоит аибашьҩы. Альпер  Бганба иразҟы дуны иҧхьаӡоит, хаҭала Владислав   Арӡынба дахьидыруаз. Изныкымкәа , Ешыра аҭабиақәа рҿы ҳахьҭатәаз  Владислав  Арӡынба армаҭәа ишәны, бџьарла деиқәных дҳазнеилон .”. Сашьцәа сшәыкәахшоуп , маҷк иаашәычҳа , Аҧсны ахы иақәиҭаҳтәуеит”аниҳәоз ҳгәы шьҭыҵуан-игәалашәоит ҳџьынџьуаҩ. Альпер далахәын ажәыларатә аоперациақәа жәпакы, убас  Тамшь иӡхыҵыз адесант далан  Бырцә  (Бырцха ) ақыҭан , аибашьҩы ҩаҧхьа ӷәӷәала дырхәуеит. Гагратәи агоспиталь ахь даннарга, 40 цыра ахыҧҽыхақәа илырхит “алыхәҭа” ҳәа ахьӡ ҷыдагьы ирҭеит. Альпер  Бганба ианашьоуп  Леон иорден.  Амҳаџьырра аамҭақәа раан,  Бзыҧҭантәи ихырҵәаны иагаз роуп Альпер иабшьҭра . Иабду иаб  Шәлиман  Аҧсныҟа дцахьан, аменьшевикцәа дырҿагылан дреибашьхьан , ахәрагьы иоухьан. Нестор  Лакобеи иареи еиҩызан , Ҭырқәтәылаҟа диман даахьан. Саб иабду  Шәлиман аменьшевикцәа данырхә , Ҷлоу ақыҭан  Стефан  Каҧба ҳәа инхоз дҵәахны диман . Убри агәараҭа ҧшааны аҭаацәа санырҭаа , Стефан иҧҳа  Зина лыҧсы ҭаны дсықәшәеит ,Шәлиман уеиҧшуп ҳәагьы салҳәеит” ахҭыс еиҭеиҳәоит  Альпер. Шәлиман иаб  Қобашь иашьеиҳаб  Реџьеҧ Бзыҧҭа даанхеит. Иахьа аишьцәа ирхылҵыз аибабара рыбжьоуп.  Альпер  иаб  Џьенгьиз 1975 ш. Ҭырқәтәылантәи  Аҧсныҟа иааз раҧхьаӡатәи аделегациа далан. Альпер лассы-лассы  Аҧсныҟа дцалоит. Аха аибашьра аветеран иҭахуп наӡаӡа иџьынџьдгьыл аҿы даанхарц.

Ахыҵхырҭа : С Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа

Exit mobile version