Site icon Abhaz Online

Аишье Феҭи-ифҳа  Абашҧҳа- Айше Фетиевна Абаш

Аишье Феҭи-ифҳа  Абашҧҳа

Сакариа араион  Сердиван ақалақь Ахадара ауаажәларатә еималкразы аҟәша аусзуҩ

Аишье Феҭи-ифҳа  Абашҧҳа диит абҵара 22, 1977 ш. Адаҧазар ақалақь азааигәара Кузулук ақыҭан.  Лаби лан  Иумран  Чкәакәҧҳаи ҩыџьа ахшаара рааӡеит, аҧеи  аҧҳаи. Абжьаратә школ ашьҭахь Аишье дҭалоит  Сакариа ауниверситет, асоциологиатә факультет.. Аимадаратә медиа ахырхарҭала адоктортә диссертациа аҩреи ахьчареи лгәы иҭоуп. Иахьа , ауниверситет аҿы амедиа пропаганда иазкны алекциақәа дрыҧхьарц азын ааҧхьарақәа лырҭоит. Убас аус луеит Сакариа араион ,. Сердиван ақалақь  Ахадара, ауаажәларратә  еимадаразы аҟәшаҿы ,илырхиот ажәабжәқәа. Аишье . Абашҧҳа  аҭоурых дазааҭгыло илҳәеит амҳаџьырран Аҧснынтәи атәым дгьыл ахь дықәымҵыр шамуз , лабду иабду   Ҳаныхә. Иара усҟан          дқәыҧшын. Еиҵагылаз абиҧара изларгәалашәо ала , араҟа аҭаацәара даналала инасыҧхаз  Ҳанифа захьӡыз аҧсуа ҧҳәызба ,аха лыжәла  еилкаам . Еиразҟхаз дырхылҵит аҧа  Аҳмеҭ.   Аишье иазгәалҭеит , ианыхәыҿқәаз амҳаџьырра иадҳәалаз ахҭысқәа реиҳабацәа алацәажәара шырҭахымыз, ргәы рмыхьырц азы. Сара ахҧатәи акласс аҿы сантәаз Адаҧазар ақалақь Аҧснынтәи ансамбль ” Шьараҭын” ааит. Усҟан раҧхьаӡакәны ҳаҧсадгьыо иатәыз ,аҧсышәала ицқьаӡа  ицәажәоз ҳажәлар рхаҭарнакцәа збеит. Уи нахыс сгәаҵаҿы иҿыхеит ацәанырра ҿыцқәа -илгәалашәоит ҳџьынџьуаҩ . Аишье Абашҧҳа  Аҧсны аӡбахә бзианы илдыруеит. Есыҽны аинтернет ахархәагақәа рыла ажәабжь ҿыцқәа дрызҿлымҳауп .  Аҧсны еилаҳауа атәым милаҭ рацәаҩӡоуп. Сара агәаҳәарадуӡза сымоуп ,ҳарҭаҧсуаа ҳџьынџьдгьыл аҟны ҳҽеидаҳкыларц, ҳажәҩахыр еибыҭаны иӷәӷәоу ҳәынҭқарраны ҳшьақәгыоарц инаҵылшьит лара. Аишье иаарласны лҭынхацәа дрыцны . Аҧсныҟа даауеит. Аҧҳәызба илҳәеит тәылауаҩшәҟәы лнапаҟныилоур ,насыҧ дуны ишылыҧхьаӡо. Аишье  Абашьҧҳа дҭаацәароуп длааӡоит аҧҳа   Нерис.

Ахыҵхырҭа :  С. Ажьиҧҳа

Амра ашәахәақәа

Exit mobile version