Аиаҵәақәа рыхьӡ
- Еҵәаџьаа
- Хулԥы-иаҵәа
- Шарԥы-иаҵәа
- Џьамҳасараа (5 иаҵәак ыҟоуп)
- Сылҭашьаҟараа (астәы иаҿатәаны имоуп илеиԥшуп.
- Жәгараа (ҩыџьа ажә раԥцаны илшоит, хҩык ашьҭазацәа рышьҭоуп , лак рыцуп)
- Еишәахьчашьапраа
- Мышәцәарҟацараа
- Ашәуа ииаҵәа (Ҵхыбжьон игылоит) (Шарԥиаҵәа акуз џьышьаны ашәуа дҽыжәлеит , ахьҭа баапсуп, имшо иалагеит , ицхаху еихагылом. Зынӡак аԥсра даналага , иҽы шьны амгуп рҟьаны даӷралеит , убас иулакь иршеит. Иԥсы анеиқуха , ауаа ирылеиҳәеит уи аиаҵәеи шарԥыиаҵәеи рцәеиламҩашьаларц.
Басила Жьажьа -иԥа Шьынқәба иҳәамҭоуп , Очамчыра араион , Члоу ақыҭа. Ианҵоуп 1946 ш.
Ахыҵхырҭа: Б.Шьынқуба : Ахьырҵәацәа.
